ГлавнаяИсполнителиҲара ҳаруаа реиҳабыАиааира ашәа
название:

Аиааира ашәа


автор:

Ҳара ҳаруаа реиҳабы


рейтинг: ★★★★★ / 5.1 / 1133 просмотра
Аҧсны азыҳәан ахақәиҭраз, 
Ажәыларахь ҳамҩа хцоит!
Адауаҧшьқәа еивагылан,
Агәымшәақәа ҧхьаҟа ицоит!

Припев (2)

Ашәа еицаҳҳәап аҩызцәа, 
Агәышьҭыхга аиааира ашәа
Шәнеибац, ҧхьаҟа шәнебац,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа!

Аӷа дҳақәлеит иҽҳазкыцәҟьан,
Ихаҧыцқәа ӷәгәала ихны.
Дахьымгӡакәа игәҭакыҵәҟьа, 
Дыҧхаҳарсит дҳаҧцаны!

Припев (2)

Ашәа еицаҳҳәап аҩызцәа, 
Агәышьҭыхга аиааира ашәа
Шәнеибац, ҧхьаҟа шәнебац,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа!

Ахәымгажәқәа рҭахызаарын 
шьыбжьаанӡа ҳдәыларгарц, 
Аха ирзымдырҭ шьыбжьаанӡа 
Аҧсуа шиакәу зшьа зухьоу..

Припев (2)

Ашәа еицаҳҳәап аҩызцәа, 
Агәышьҭыхга аиааира ашәа
Шәнеибац, ҧхьаҟа шәнебац,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа!

Послушать/Cкачать эту песню
Mp3 320kbps на стороннем сайте
А как ты думаешь, о чем песня "Аиааира ашәа" ?
2010-2020 © WebKind.Ru Тексты песен