ГлавнаяИсполнителиАшьхардацАнцәеи ауааи
название:

Анцәеи ауааи


автор:

Ашьхардац


рейтинг: ★★★★★ / 5.4 / 1414 просмотров
Анцәеи ауааи

Иҟоуп  ҩажәак,  ҩажәа  нагак, 
Урҭ  еицуп – Анцәеи  ауааи. 
Дҟалаӡаргьы  хагак,  ҧагьак – 
Ицахьада  урҭ  ириааи!
Бзиа  ҳуама,  цәгьара  ҳуама – 
Абриакаҿ  зегь  ҳаиҧшуп: 
Анцәа  иҿаҧхьа  зегь  ҳаргамоуп, 
Ауаа  рҿаҧхьагь  –  зегь  ҳаартуп.
Иагьаҩы  сеицаркырц  иашьҭаз, 
Иагьарыла  рҽеибарк  иааи... 
Аха  исымоуп  урҭ  ирхашҭыз – 
Са  сырбоит  Анцәеи  ауааи.

Рыхьӡ  мҳәакәа,  рылҧха  мҳәакәа, 
Ҵәыца  сҩахом,  ӡы  сахәом.
Убри  ауп  сымшәа-смырҳакәа
Сиаша  зназгогь  –  маӡа  сҳәом.
Иагьаҩы  сеицаркырц  иашьҭаз, 
Иагьарыла  рҽеибарк  иааи... 
Аха  исымоуп  урҭ  ирхашҭыз – 
Са  сырбоит  Анцәеи  ауааи.

Послушать/Cкачать эту песню
Mp3 320kbps на стороннем сайте
А как ты думаешь, о чем песня "Анцәеи ауааи" ?
2010-2020 © WebKind.Ru Тексты песен