название:
автор:
Ҳаҧсадгьыл Аҧсны ҳара ҳтәыла
автор:
Неизвестен
рейтинг: ★★★★★ / 5.6 / 1573 просмотра
- Текст
- Открытка с текстом
Ҳаҧсадгьыл Аҧсны ҳара ҳтәыла Ҳазмоу гәыбылроуп ҳаибаркны Аҭынчразы уҵеицәа ҳаидгылан Ҧхьаҟа ҳнеиуеит ҳбыираҟ лаша кны Шәаҳхашҭуам ҳашьцәа афырхацәа Ахақәыиҭреи ахьыҧшымреи ҳзаазгаз Аҭоуба шьҭаҳҵоит шәҿаҧхьа Ҳшанымҵуа уыи амҩа иаҳшәырбаз. [Ҳаҧсадгьыл Аҧсны ҳаҧсҭазаара Ҳадгьыл ҳаҧсы зыҿҳәароу Ҳныхақәа рымч ҳа ҳмазара Доуҳала ҳаҧсадгьыл зыхьчо.] 2х Ҳцоит ахьыҧшымра мҩала Уыи амҩа ҳацәхьаҵуам бзанҵы Ҳамч, ҳдырра, иеизаагап ҳалшара Ҳаҧсадгьыл иазаҳкып ҳаҧсы. Шәаҳхашҭуам ҳашьцәа афырхацәа Ахақәыиҭреи ахьыҧшымреи ҳзаазгаз Аҭоуба шьҭаҳҵоит шәҿаҧхьа Ҳшанымҵуа уыи амҩа иаҳшәырбаз. [Ҳаҧсадгьыл Аҧсны ҳаҧсҭазаара Ҳадгьыл ҳаҧсы зыҿҳәароу Ҳныхақәа рымч ҳа ҳмазара Доуҳала ҳаҧсадгьыл зыхьчо.] 3х
А как ты думаешь, о чем песня "Ҳаҧсадгьыл Аҧсны ҳара ҳтәыла" ?