ГлавнаяИсполнителиЛейла ЦурцумияУмцан
название:

Умцан


автор:

Лейла Цурцумия


рейтинг: ★★★★★ / 5.2 / 1157 просмотров
Илашьцеит адәахьы 
аха амҩақәа срықуп
Иҭынчроуп сқалақь аҿ 
Сара схәыцрақәа срылҵӡом 

Уара узы ашәа сҳәарц 
Исҭахуп са сгәаныла 
Избанзар уаныҟам 
ак абом сара сыла 

Ари ахәылҧаз сныжьны умцан 
Ҳаилыҵра исызхгом 
Уара уда сынхар исҭахӡам 
Са сзы амра илашаӡом 

Са сгәыхьаа са сҿы иаанхоит 
Сылаӷырӡ сарбааӡоит 
Ари ашәа усгәаланаршәоит 
Са сҿы ушыҟам исанаҳәоит 

Са сгәырҩа исызхгом 
Сара ҭынчрала сзыцәом 
Ушыҟам ихасҵом 
Уара уда исылшом 

Аамҭа ихынҳәӡом 
Аханытәангьы иааиӡом 
Иудыруаз ахаан 
иҳабжьаз исызхашҭӡом 

Ари ахәылҧаз сныжьны умцан 
Ҳаилыҵра исызхгом 
Уара уда сынхар исҭахӡам 
Са сзы амра илашаӡом 

Са сгәыхьаа са сҿы иаанхоит 
Сылаӷырӡ сарбааӡоит 
Ари ашәа усгәаланаршәоит 
Са сҿы ушыҟам исанаҳәоит 

Аханытә зегьы исгәалашәоит 
Сара сгәырҩа сагоит 
Иаанымгыло аамҭа цоит 
Схәыцрақәа ушҟа сыргоит 

Са сгәы хьаа са сҿы иаанхоит 
Сылаӷырӡ сарбааӡоит 
Ари ашәа усгәаланаршәоит 
Са сҿы ушыҟам исанаҳәоит

Послушать/Cкачать эту песню
Mp3 320kbps на стороннем сайте
А как ты думаешь, о чем песня "Умцан" ?
2010-2020 © WebKind.Ru Тексты песен