ГлавнаяИсполнителиГимн Молодежи АбхазииҲапсадгьыл Апсны
название:

Ҳапсадгьыл Апсны


автор:

Гимн Молодежи Абхазии


рейтинг: ★★★★★ / 5.2 / 1152 просмотра
Ҳаҧсадгьыл Аҧсны ҳара ҳтәыла
Ҳазмоу гәыбылроуп ҳаибаркны
Аҭынчразы уҵеицәа ҳаидгылан
Ҧхьаҟа ҳнеиуеит ҳбираҟ лаша кны

Шәаҳхашҭуам ҳашьцәа афырхацәа
Ахақәыиҭреи ахьыҧшымреи ҳзаазгаз
Аҭоуба шьҭаҳҵоит шәҿаҧхьа
Ҳшанымҵуа уыи амҩа иаҳшәырбаз. 

[Ҳаҧсадгьыл Аҧсны ҳаҧсҭазаара
Ҳадгьыл ҳаҧсы зыҿҳәароу
Ҳныхақәа рымч ҳа ҳмазара
Доуҳала ҳаҧсадгьыл зыхьчо.] 2х

Ҳцоит ахьыҧшымра мҩала
Уыи амҩа ҳацәхьаҵуам бзанҵы
Ҳамч, ҳдырра, иеизаагап ҳалшара
Ҳаҧсадгьыл иазаҳкып ҳаҧсы. 

Шәаҳхашҭуам ҳашьцәа афырхацәа
Ахақәыиҭреи ахьыҧшымреи ҳзаазгаз
Аҭоуба шьҭаҳҵоит шәҿаҧхьа
Ҳшанымҵуа уыи амҩа иаҳшәырбаз. 

[Ҳаҧсадгьыл Аҧсны ҳаҧсҭазаара
Ҳадгьыл ҳаҧсы зыҿҳәароу
Ҳныхақәа рымч ҳа ҳмазара
Доуҳала ҳаҧсадгьыл зыхьчо.] 3х

Послушать/Cкачать эту песню
Mp3 320kbps на стороннем сайте
А как ты думаешь, о чем песня "Ҳапсадгьыл Апсны" ?
2010-2020 © WebKind.Ru Тексты песен