ГлавнаяИсполнителиСаида АгрбаСгуала умбеит
название:

Сгуала умбеит


автор:

Саида Агрба


рейтинг: ★★★★★ / 4.6 / 645 просмотров
Саҧхьа угылан уцон ухарахон
Еиҳа еиҳа са сгәы ҭацәхон
Ушьҭа аҧша уатәыми
Баша ҧхыӡк иаҩызоуп шьҭа
Ҳабзиабара иныҵаба ицаз
Аамҭа уцала, умҩала сга
Умч зегь сыҭан са сеиқәырха

Сгәала умбеит
Схала саанхеит
Уааиуама?
Баша сыҧшуп
Баша сгәаҵа аартуп
Нас, ишҧа?
Исымчума шьҭа
Уда сыҧсҭазаара ҧсахны
Аҭынчра аҧшаара?

Адунеи зегьы уа уда илашьцоуп
Мрахәагада иҧшуеит ушьҭа
Уи амра ҳазбылуаз
Нас избан изҳамои лахьынҵас
Аиқәшәара аиҧырҵра, избан?
Аамҭа цауеит амҩала снеиуеит
Амч зегь са исыҭа сеиқәнархоит

Сгәала умбеит
Схала саанхеит
Уааиуама?
Баша сыҧшуп
Баша сгәаҵа аартуп
Нас, ишҧа?
Исымчума шьҭа
Уда сыҧсҭазаара ҧсахны
Аҭынчра аҧшаара?

Абар сыузыҧшуп, сыблуп
Амҩан ҳаиҧылар
Са исҭахәп иуаҳар...
Сгәы иҭоу зегь убар
Баша схьаақәа еилыукаар
Уара иуздыруам сара сгәала

Баша сыҧшума?
Сгәаҵа аартуп
Нас ишҧа
Исымчума шьҭа
Иҧсахны сыҧсҭазаара
Аҭынчра аҧшаара

                                                    
                                                        муз. сл. А.Гумба

Послушать/Cкачать эту песню
Mp3 320kbps на стороннем сайте
А как ты думаешь, о чем песня "Сгуала умбеит" ?
2010-2020 © WebKind.Ru Тексты песен