ГлавнаяИсполнителиНеизвестенСыҧсыдгьыл гәакьа ухчараз сеигӡом са схы
название:

Сыҧсыдгьыл гәакьа ухчараз сеигӡом са схы


автор:

Неизвестен


рейтинг: ★★★★★ / 5.1 / 1095 просмотров
Сыҧсыдгьыл гәакьа ухчараз сеигӡом са схы,
Сҩызцәеи сашьцәеи рыгәымшәара сымоуп саргьы.
Ахы сықәшәаргьы, сызгаша сара
Удгьыл ҳалал самоудап гәыблыла уара.

Ахәрашәа узысҳәоит, сыҧсадгьыл
Ахәрашәа ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭыҧ са сшьамдгьыл,
Исызгәакьоу сыҧсы зычҳароу.

Иахьа иумоуп ахәра ӷәӷәала ихьанҭоуп,
Иуџьабоит уҵеицәа зыҧсы ухҭаҵо.
Унышә кәымпыл рықәҳаҧсап ҳнапала,
Уара иуыхьчап гәыблыла иугәыдуҳәҳәала.

Ахәрашәа узысҳәоит, сыҧсадгьыл
Ахәрашәа ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭыҧ са сшьамдгьыл,
Исызгәакьоу сыҧсы зычҳароу.

Урҭ рышьа аауырцаз ҳакоуп тоубауны,
Ахақәиҭра ырзааҳгарц ҳгылоуп ҳахианы.
Сабиҧара змырӡыз сашьцәа сықәлацәа,
Хашҭра шәықәны шәыҟам шәарҭ наунагӡа.

Ахәрашәа узысҳәоит, сыҧсадгьыл
Ахәрашәа ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭыҧ са сшьамдгьыл,
Исызгәакьоу сыҧсы зычҳароу.

Ахәрашәа узысҳәоит, сыҧсадгьыл
Ахәрашәа ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭыҧ са сшьамдгьыл,
Исызгәакьоу сыҧсы зычҳароу.

Послушать/Cкачать эту песню
Mp3 320kbps на стороннем сайте
А как ты думаешь, о чем песня "Сыҧсыдгьыл гәакьа ухчараз сеигӡом са схы" ?
2010-2020 © WebKind.Ru Тексты песен